АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 20 Абҵара 2023 09:45

Галтәи араионтә Еизарахь аокруг №3 иахьаҵанакуа алхрақәа рылҵшәақәа заа аус рыдулоуп

Араионтә еизараҟны даҽазныктәи алхрақәа рымҩаԥгара зыдҳәалоу иреиуоуп аокруг №3 аҟны депутатс иҟаз иԥсҭазаара алҵра. Ари аҭыԥ ахь ԥшьҩык акандидатцәа ыҟоуп.

АҞӘА, абҵарамза 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Галтәи алхратә комиссиа Хада алхратә округ №3 иахьаҵанакуа араионтә Еизарахь заа алхрақәа рылҵшәақәа аус рыднаулеит. Абри атәы ааицҳаит акомиссиа ахантәаҩы Џьон Гәылариа. 

"Алхрақәа мҩаԥысит еиҿагыларак, вбақәак ҟамҵакәа, актқәа зегьы шьақәыргылоуп, акандидатцәа рахьтә агәаҭаҩцәа зегьы рнапынҵақәа ыҟоуп. Алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә 66% иреиҳаны рыбжьы рҭиит. Зынӡа иҭаҩын 195-ҩык ауааԥсыра, зхыԥхьаӡара ацлаз ирылаҵаны иҟалеит 205-ҩык", – иҳәеит Гәылариа.

Алхратә округ №3 аҟны зынӡа рыбжьы рҭиит 123-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 76-ҩык ауаа рыбжьы рҭиит Инал Аршба изы, 31-ҩык – Сурам Џьынџьал изы, Ахра Кәакәасқьыр фы-бжьык иоуит насгьы ҩ-бжьык иоуит Роберт Гацерелиа.

Гәылариа иацҵаны иазгәеиҭеит арегламент инақәыршәаны ахыркәшаратә лҵшәақәа ажәлар ирылаҳәазар ахәҭоуп хәы-мыш ирҭагӡаны. Инықәырԥшшәа уи рылаҳәахоит ашәахьа абҵарамза 20 рзы.

Абжьыҭира амҩаԥгара адепутат Алик Бигәаа иԥсҭазаара алҵра иадҳәалахеит. Даҽазныктәи алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылеит АКХ (ЦИК) еицҿакны жьҭаарамза 19 рзы.

Read 54 times Last modified on Aшәахьа, 29 Ажьырныҳәа 2024 10:39

Related items