АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 10:37

Галтәи араионтә еизарахь алхрақәа рхыркәшаратә лҵшәақәа ирылаҳәахеит

Аокруг №3 аҟны амҽыша алхрақәа мҩаԥысит, абҵарамза 19 рзы, депутатс иҟаз Алик Бигәаа иԥсра инамаданы.

АҞӘА, абҵарамза 22 – Sputnik. Гал араион алхратә комиссиа Хада аҭыԥантәи Аизара №3 аҟны даҽазнык имҩаԥгаз алхрақәа ахыркәшаратә лҵшәақәа ирыланаҳәеит, аҳәоит "ГалМедиа".

"Абҵарамза 19 аҽны даҽазнык имҩаԥгаз алхрақәа мҩаԥысит. Иахьа алхратә комиссиа Хада аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәара ыҟан, дшьақәырӷәӷәан иаиааиз акандидат Аршба (Инал Аршба - аред.)", – еиҭеиҳәеит АКХ ахантәаҩы Џьон Гәылариа.

Уи иазгәеиҭеит алхрақәа аԥҟарақәа еиламгакәа ишымҩаԥысыз.

Алхрақәа мҩаԥысит Гал араион аҟны, амҽыша, абҵарамза 19 рзы, араионтә депутат иҭыԥ ахь ԥшьҩык акандидатцәа ыҟан – Инал Аршба, Сурам Џьынџьал, Ахра Кәакәасқьыр, Роберт Гацерелиа. Алхрақәа рҿы 66% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит – 123-ҩык ауааԥсыра. 76-ҩык урҭ рахьтә акандидат Инал Аршба рыбжьы ирҭеит.  

 

Read 51 times Last modified on Aшәахьа, 29 Ажьырныҳәа 2024 10:38