АҞӘА, абҵарамза 22 – Sputnik. Гал араион алхратә комиссиа Хада аҭыԥантәи Аизара №3 аҟны даҽазнык имҩаԥгаз алхрақәа ахыркәшаратә лҵшәақәа ирыланаҳәеит, аҳәоит "ГалМедиа".
"Абҵарамза 19 аҽны даҽазнык имҩаԥгаз алхрақәа мҩаԥысит. Иахьа алхратә комиссиа Хада аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәара ыҟан, дшьақәырӷәӷәан иаиааиз акандидат Аршба (Инал Аршба - аред.)", – еиҭеиҳәеит АКХ ахантәаҩы Џьон Гәылариа.
Уи иазгәеиҭеит алхрақәа аԥҟарақәа еиламгакәа ишымҩаԥысыз.
Алхрақәа мҩаԥысит Гал араион аҟны, амҽыша, абҵарамза 19 рзы, араионтә депутат иҭыԥ ахь ԥшьҩык акандидатцәа ыҟан – Инал Аршба, Сурам Џьынџьал, Ахра Кәакәасқьыр, Роберт Гацерелиа. Алхрақәа рҿы 66% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит – 123-ҩык ауааԥсыра. 76-ҩык урҭ рахьтә акандидат Инал Аршба рыбжьы ирҭеит.